Ауаҩы еснагь аинтерес изаҵоуп ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара зеиԥшрахоу аилкаара, аиҳарак аҭаацәаратә ԥсҭазаара. Аԥсуаа ҳмилаҭтә культураҿы дыҟоуп абзиабара анцәахәы, "Анмираҳ". Уи ихьӡала имҩаԥыргон еиуеиԥшым аныҳәагатәқәа. Иарбан урҭ? Азҵаарақәа рҭак Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.