"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз
Аҭәҳәақәа, аныҳәарақәа, аԥсуаа ҳмилаҭтә культура иахәҭаку ак акәны иҟоуп. Иара иахьагьы уи агәра зго, иацныҟоу рацәаҩуп. Ахәышәтәырҭақәеи ахәшәқәеи шырацәоугьы, ауаа аԥсуала аҽыхәшәтәра ианашьҭалогьы убап. Избан? Уи азҵаара аҭак доусы иара ихазы ҟаицоит.