Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Сентябрь
2018

Новости за 07.09.2018

Харџьелиаԥҳа еиҭалҳәеит аӡахҩы изанааҭ иацу акәамаҵамақәа ртәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәатәи аӡахырҭатә ҩны аҟны иаартын аҭеиразра бзиа избо рзы ашкол, уи раԥхьатәи аушьҭымҭа аӡахҩы Диана Харџьелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит лзанааҭ акәамаҵамақәа ртәы.

Cаид Аџьба: абжьаратә школқәа ашәарҭадаратә техниказы аԥара рызхаӡом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аинспектор Саид Аџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ашколқәа рҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа алҵшәақәа ртәы.

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицурази аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит. Цәыббра ԥшьба рзы Рауль Ҳаџьымбеи Башар Асади рнапы зҵарҩыз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра инацҵаны анапы аҵаҩуп баџьда аилахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра.

Рауль Ҳаџьымбеи Шьамтәыла жәлар реизара аиҳабыи еиқәшәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит. Цәыббра ԥшьба рзы Рауль Ҳаџьымбеи Башар Асади рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит Ингәыштәыла акультура амшқәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Очамчыра ихыркәшан ҩымш ицоз Ингәыштәыла акультура амшқәа. Апроект алыршан Урыстәыла акультура аминистрра, Аԥсны акультуреи акультуратә ҭынха ахьчареи рминистрра, иара убас "Россотрудничество" Аԥснытәи ахаҭарнакцәа рыцхыраарала. Актәи акультуратә мшы мҩаԥысит Аҟәа. Адырҩаҽны асасцәа Очамчыра ақалақь иаҭааит.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *