Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Февраль
2019

Новости за 28.02.2019

Аҩӡба еиҭеиҳәеит аҵәахырҭатә фонд аҟынтә афинанстә цхыраара аҟаҵара мап зацәкыз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахатәы аҭаҵәахратә фонд аҟынтә афинанстә цхыраара аҟаҵара аанкылоуп, абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит иахьа Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы. Избан, изыхҟьазеи ус еиԥш аӡбамҭа адкылара - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аиҳабыра реилазаара аилатәара иалахәыз акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.

Дбар аԥсадгьыл ахь архынҳәра иазкны: 2018 шықәсазы арекордтә рбагақәа ҳауит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иҟаҵан 2018-тәи ашықәсаз аусбарҭақәа имҩаԥыргаз аусурақәа реихшьаала. Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иаҳасабырбаҿы иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара егьырҭ ашықәсқәа раантәи арбагақәа реиҳа ишыҳараку.

Манаргьиа еиҭеиҳәеит имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампылтә хәмарра хадақәа ртәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәажәкыра аказы Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысуа ашьапылампыл Ахраҿа хада агаразы аиԥылареи, Аԥсны Ачемпионат аҩбатәи аҭагьежь ахәмаррақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргьиа.

Кәарҷиа "Аԥхьарца" иазкны: ныҳәак аҳасабала имҩаԥаагоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәажәкырамза аказы, Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит IX-тәи жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца". Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури  Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи афестиваль аҷыдарақәа ртәы.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *