Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Апрель
2019

Новости за 13.04.2019

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Лагәлааи Аҟалӷьбеи аҿар ашәҟәыҩҩра радԥхьалара атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ҳрылацәажәауеит, аимак-аиҿак зхылҿиауа азҵаарақәа шьҭаҳхуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду" илыцануп ҳаԥсҭазаараҿы иҟалало ахҭысқәа рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа. Апроблемақәа иаартны ирылацәажәауеит.

Лагәлаа: амуза анааиуа, абаҩхатәра злоу аҩра дамартәар ауӡом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Алитературатә-уаажәларратә журнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа арадио Sputnik адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны далацәажәеит ҳаамҭазы аҿар алитература радԥхьалара азҵаара.

Досу ианиашьа ихаҵашьоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба имшынҵа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспектакль илзыннажьыз лцәаныррақәа ртәы дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Знапала ацех зыргылаз: Баслахәтәи аишьцәа Дохнаӡиаа рҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Баслахә ақыҭан инхо аишьцәа Дохнаӡиаа еиҿыркааит рхатәы наплак маҷ. Дара рнапала еизыргаз амеханикатә мыругақәа рыла иҭрыжьуа иреиуоуп аргыларатә блокқәа, атротуартә плитақәа, агәара аанда амаҭәахә уҳәа. Анаплакҩцәа русура шцо еиликаарц ацех даҭааит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Габниаԥҳа Римма Ҳашԥҳа лзы: аҵарауаҩ хатәра, ауаҩы лаша

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа арадио Sputnik аҟны дылгәалалыршәеит аҵарауаҩ Римма Ҳашԥҳа. "Аԥсуа хәыҷтәы фольклор" ашәҟәы автор, уи раԥхьатәи аҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ахәыҷҭәы поетесса Римма Ҳашԥҳа диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *