Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Август
2019

Новости за 24.08.2019

Ҳараниаԥҳа Cross Fit Sukhum аицлабрақәа рзы: иџьаҳшьеит аҭыпҳацәа алахәхарц анырҭахха

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аусзуҩ Кама Ҳараниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥгаз аицлабрақәа рылҵшәақәа ртәы. Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны ахьԥшымра азхаҵара иазкны Cross Fit Sukhum 2019 азы аицлабрақәа мҩаԥысит Аҟәа.

Еиқәных: Sputnik Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа раан аусушьа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы нанҳәа 25 рзы иаанартуеит анҭыҵтәи арадиостанциа, иара убас ишиашоу ицо атексттәи авидеотранслиациақәеи мҩаԥнагалоит асаити асоциалтә ҳақәеи рҟны.

Џьениа Боча Аџьынџьал изы: иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл аӡыргара иазикит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Нанҳәа 25 рзы Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит еицырдыруа аԥсуа аҟазараҭҵааҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи, ажурналистцәеи, асахьаҭыхыҩцәеи реидгылақәа иалаз Боча Аџьынџьал. Иара Санкт-Петербург дшынхозгьы ихәыцрақәеи иусуреи зегьы Аԥсны иадҳәалан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, иҩыза Витали Џьениа.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *