Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Январь
2020

Новости за 12.01.2020

Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа аоппозициаа рмитинг хдыркәшеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо. Ажьырныҳәа 12 рзы Рауль Ҳаџьымба арзаҳал инапы аҵеиҩит ԥхьатәара дышцо азы.

Аԥсныҟа даауеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада ицхырааҩ Владислав Сурков

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Аԥсныҟа ажьырныҳәа 10 рзы даахьан Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев, Урыстәыла азинхьчаратәи амчратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рделегациа дацны.

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Арда Ашәбеи Виктор Аҩӡбеи Аԥсны иазгәарҭо аныҳәақәа ирызкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ҳрылацәажәоит, аимак-аиҿак зхылҿиауа азҵаарақәа шьҭаҳхуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду" илыцануп ҳаԥсҭазаараҿы иҟалало ахҭысқәа рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа.



Аҩӡба: ҳҿар атәым ныҳәақәа бзианы ишьҭыркаауеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аетнолог Виктор Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит атәым ныҳәақәа аҿар ргәацԥыҳәаны ишышьҭырхуа, аԥсуа ныҳәақәа иаҳа рызнагара аҭахны ишыҟоу.

Ашәба аныҳәақәа ирызкны: ахы-аҵыхәа ҭымҵаакәа аԥсуа иныҟәигоит ҳәа далагомызт

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа ныҳәақәеи адәныҟантә иҳаднагалази реишьашәалашьа азҵаара иазкны арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аетнолог Арда Ашәба.

Аслан Бжьаниа ахада иалхра ҿыцқәа иалахәразы: нас иаабап

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иахьа ашьыжь ахада Иусбарҭахь инеиз аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Алхратә комиссиа хада аилатәара иахьа ишымҩаԥысуа.

Нургалиев ибжьаҟазареи амитинг алахәылацәа рультиматуми

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа иазханаҵеит ҭагалан имҩаԥысыз атәыла ахада иалхрақәа рзы Аԥсны АКХ аихшьаалақәа иашамызт ҳәа. Абри алагьы иазыӡбоуп аиҭалхрақәа рымҩаԥгара.

Ҳаџьымбеи Нургалиеви еиԥылеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ажьырныҳәа 10 ахәылбыҽха Аԥсныҟа дааит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев урыстәылатәи амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа злоу аделегациа даланы.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *