Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Май
2020

Новости за 06.05.2020

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал инхо аветеранцәа Аиааира Ду амш шрыдырныҳәало

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Тҟәарчал ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аџьыџьтәылатәи еибашьра Ду аан игаз Аиааира амшныҳәа араион аҿы ишазгәаҭахо атәы.

Жәлар рдоуҳа: Арда Ашәба Гьаргь Аԥсыцқьа имш иазкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гьаргь Аԥсыцқьа имш, мамзаргьы Аергьныҳәа ҳәа изышьҭоу амш аԥсуаа рҿы ишазгәарҭоз, насгьы уи ҵакыс иамаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афольклорҭҵааҩ Арда Ашәба.

Аџьба адемографиатә политиказы: сынтәала ҳгәы иҭоу зегьы ҳзынагӡом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит аминистрра аструктура аԥсахра ашьҭахь адемографиа азҵаарақәа аус шрыдулахо атәы.

Жәеиза шьаҿа: Аԥсны ААР амҩақәа рҿы аԥсҭбарақәа рхыԥхьаӡара шдырмаҷуа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа атәыла амҩадуқәа рҿы аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара армаҷрази амҩатә машәырқәа ҟамларц ази ауснагӡатәқәа аус рыднаулеит.

Аҩӡба Гьаргь Ӡиӡариа изы: уақәӡыр аныҟалоз аамҭазы аԥсуаа рызҵаара ықәзыргылаз дреиуоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ ду Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи лаҵара 6 рзы 106 шықәса ҵуеит. Уи аԥсуа ҭҵаарадырраҿи ауаажәларра ашьақәгылараҿи илагала далацәажәоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Аҩӡба.



Sputnik авидеоекскурсиа: Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ацәыргақәҵатә уада

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иахьазы ачымазара ҿкы акоронавирус алаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара инамаданы ауааԥсыра аҩны итәоуп. Абри аамҭазы хәыҷи-дуи шәгәы мҿыӷьырц Sputnik аԥснытәи амузеиқәа рҟынтә авидеоекскурсиа шәзымҩаԥнагоит. Апроект хацыркхоит Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи ала.

Афонд "Ашана" Нарҭ Гамгьиа изы аԥареизгара хацнаркит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хышықәса зхыҵуа Нарҭ Гамгьиа аҳақьымцәа акьыба чымазара бааԥс – леикемиа имоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәеит. Шықәсык инацуп ахәыҷы аԥсҭазаара дазықәԥоижьҭеи. Уажәы иара изы ихымԥадатәны иҟоуп зыхә даара ицәгьоу ахәшә.

"Адистанциатә ҵара": ААУ аҟны аҵарашықәс апроблемақәа ирылацәажәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа анрыдыркыла ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа реиҳараҩык "адистанциатә ҵарахьы" ииаргеит.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *