Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Июнь
2020

Новости за 09.06.2020

Амҷԥҳа: Германиа акоронавирус аҟнытә мчылатәи алаҵа алагалахар, аҿагылара ӷәӷәа цәырнагоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи атәылаҿы акоронавирус аламырҵәаразы иаԥҵаз аԥҟарақәа рырԥсыҿра аус шцо атәы.

"Аԥсны агәадура" алахәхаразы 100-ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ашьаҭала имҩаԥысуа аицлабра "Аԥсны агәадура" арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит хәажәкыра 2 рзы. Ари апроект рхы аладырхәыр рылшоит 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿарацәа.

Азҵаарақәа жәпакы: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Sputnik аҿы ипресс-конференциа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа, акоронавирус иаҿагылан ақәԥара, Аиааира 75 шықәса ахыҵреи Урыстәыла Амши разгәаҭара уҳәа Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Россотрудничество анапхгаҩы Вадим Чехеи.

Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ирызкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ажәытә дунеихәаԥшышьа иарҿиаз жәлар разгәаҭарақәа иахьагьы рыԥсы ҭоуп, аԥсуаа рҿгьы маҷымкәа еиқәханы иҟоуп. Урҭ рыхәҭак ирызкны арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.



Аԥыза-министр Аминистрцәа реилазаара аекономикатә блок алархәны драцәажәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *