Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Сентябрь
2020

Новости за 25.09.2020

Аминистрцәа Реилазаара ашколқәа акарантин азы иадыркуеит ҳәа ирҳәаз аԥнарҟәҟәааит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Акоронавирус азы атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны акарантин алагалоуп ҳәа аинформациа АИХқәа рҿы ирыладырҵәеит ахәаша, цәыббра 25 рзы СЕС аиҳабы Лиудмила Скорик иҟалҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыцԥҳа Гәдоуҭа ашколқәа рҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьазы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аспециалист хада Диана Барцыцԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭаз ашколқәа рҿы аҵара апроцесс амҩасшьа атәы, насгьы ачымазара зманы иалкаау рхыԥхьаӡара атәы.

Аԥсны ашколқәа рҟны акарантин рылаҳәоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Аҳәынҭқарра акоронавирус алаҵәареи аҽарҭбаара иахьалагази инамаданы ашколқәа зегьы рҟны акарантин рылаҳәоуп жьҭаара 16, 2020 шықәса рҟынӡа.

Табаӷәуа "Абџьар азы" азакәан азы: изабалак инеины иныҟәыргаразы азин роуа иҟамлароуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала "Абџьар азы" азакәан апроект рыдыркылеит. Уи азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаангара иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа.

Аԥсны атәылауаҩ Урыстәылаҟа 730 сигареҭҭра аиагара иҽшазишәоз даанкылан

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥснытәи аҳәаала Урыстәыла аҳазалхратә ҵакырахь ахатәхархәаразы 18 шықәса ирҭысхьоу ахаҿы 200 сигареҭ, ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын, ма иарбоу аалыҵқәа ааидкыланы зеиԥш капанла 250 грамм еиҳамкәа ииаигар азин имоуп.

Џьопуа еиҭеиҳәеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети Аԥсны академиеи русеицура атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аусзуҩцәеи иареи имҩаԥыргаз аиԥылараҿы излацәажәаз атәы.



Абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам, мамзаргьы хыда-гәыда азаҭҭара

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Апарламент аҟны ирыдыркылеит ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи Аиааира Амши – цәыббра 30 – 27 шықәса ахыҵра инадҳәаланы амнистиа рылаҳәаразы". Уи азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭаркьылԥҳа ачымазара ҿкы аан Аҟәатәи ашколқәа рҭагылазаашьа атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҿкы чымазара COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара Аԥсны ианацло аамҭазы аҳҭнықалақь ашколқәа рҵаратә процесс ишацырҵо, урҭ руак аркхоит ҳәа ацәажәара абанӡаҵабыргу, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik аефир аҟны рҭак ҟалҵеит Аҟәа аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

Бжьаниа Ҵабал имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" дырҭааит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аполигон Ҵабал аҿы Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура аррамҵзурауааи Аԥсны АҶА аусуҩцәеи еицымҩаԥыргеит астратегиа акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *