Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Октябрь
2020

Новости за 22.10.2020

Жьиба ацитрустә шәырқәа рзы: иҿала иҿамла есышықәса ихәшәтәлатәуп, аҩара рзымариоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гагра араион Асычқәа ақыҭан иҟоу ацитрустә ааӡарҭа қьырала измоу Аркади Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа ишахәҭоу рааӡаразы ихымԥадатәны иҟоу.

Аԥсны ахада аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны иазгәарҭахьеит 3172 коронавирус хҭыс. Ргәы бзиахеит 1278-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 32-ҩык.

Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷбаҳча аусура аиӷьтәразы Казантәи аконференциаҟны илылкааз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ашколхәыҷқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҳаамҭазы аус рыдулашьа азнеишьақәа ирызкны Казань имҩаԥысуа аконференциа иалахәу Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иззаҭгылаз азҵаарақәа.

Аекономика аминистрра аелектронтә маҵзурақәа рымҩаԥгарахь аиасра агәҭакуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрраҿы жьҭаара 21 рзы имҩаԥган аминистр Кристина Озганԥҳа лхантәаҩрала аусутә еилацәажәара аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рцифраркра азҵааразы.

Урыстәылатәи аруаа арзҩыдаратә усурақәа ирыцырҵоит Аԥсны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи 11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.



Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿ ирыцхраауеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Башкириатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аординаторцәеи, аҳақьым-стажиорцәеи хымчыбжь инареиҳаны акоронавирус ахәышәтәразы Аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцхраауан. Уажәы Башкириатәи аҳақьымцәа рцынхәрас Аԥсныҟа иааит Калининградтәи аобласти Москвеи рҟынтәи агәыԥ.

Ҳагԥҳа апроект "Амазара" иазкны: аԥсуаа ҳдоуҳатә культура аларҵәара иазкуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа –абаза конгресси жәларбжьаратәи аиҿкаара "Алашареи" еицымҩаԥыргоит аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынха иазку апроект "Амазара". Уи ахықәкы, изыдҳәалоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аконгресс аинформациатә портал аредактор Изольда Ҳагԥҳа.

Аҟәатәи аӡбарҭа Ҭарба иганахь ала ахара зду рҿахәҿыхра ахыргеит ааха зауз ахьыҟамыз азы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, амаҵзуратә уада 303 аҿы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Анзор Ҭарба иҿахәы шиҿырхуаз иԥсҭазаара далҵит.

Гал араион ахада: ауаа шасыс изгаз ацәгьоуҩы Аԥсны аҳәаа дзахысӡом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Идырым ахаҿы Жәыргьыҭ агәаны Қырҭтәыла Абанк ахыбра бџьаршьҭыхла дыҩналаны ауаа шасыс игеит жьҭаара 21 рзы. АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *