Шәҩык рҟынӡа инаӡеит Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 455-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 113-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 455-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 113-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны, ԥхынҷкәын 14 рзы. Акциақәа иара убас имҩаԥысит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Лаҭа, Аҟәа.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа ақалақь аҿы азгәаҭара шеиҿкаахо атәы.
Аҟәа Алашарбага аҳаблаҿы агәамсамеизгарҭа араион аҿы аӡымҩангага аремонт ахьазыруа иахҟьаны Аҟәа араионқәак ӡыда иаанхоит.
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы 45 гектар абнарақәа амца ркит.Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы 45 гектар абнарақәа амца ркит.
Зықәра намӡац русқәа рзы Аҟәа ақалақь аинспекциа аиҳабы Альбина Григолиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит зықәра намӡац рганахьала аҳҭнықалақь аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа зҭаз авертолиот Ми-8 ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы.
Турбаза араион аҿы аҭыԥ змаз ахысраан Аҟәа инхо ауаҩԥсы ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаргеит.
СССРи Аԥсни зҽаԥсазтәыз рырҵаҩы Владимир Кьетиа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Иара 20 шықәса инареиҳаны Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол анапхгаҩыс дыҟан. Арадио Sputnik аефир аҟны Владимир Хынҭыжә-иԥа дылгәалалыршәеит иара иҵаҩы - арҵаҩы Ирина Лакәарԥҳа.
Изышьклахысыз Аҟәа инхо ауаҩԥсы ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днагоуп.
Аԥсны аҩнуҵҟа акриптовалиута аиура аанкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Иара убасгьы азин ыҟам ареспубликахь амаининг хархәагақәа ралагалара.
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит атәыла адәныҟатәи аполитиказы аконцепциа. Уа иарбоу аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа ртәы зҳәо хәҭаҷқәак ҳуаажәларраҟны еиуеиԥшым ацәажәарақәа рхылҿиааит. Урҭ рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
28 шықәса ҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа еихсны икарыжьижьҭеи Лаҭа иахыԥраауаз ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи зҭаз авертолиот. Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Лаҭатәи атрагедиа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зегь реиҳа угәы ҿызкаауа, лаӷырӡышны, шьаарҵәыраны, хлымӡаахны иҟалеит Лаҭатәи атрагедиа ҳәа аҭоурых иазынхаз ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи зҭаз авертолиот ақырҭуа агрессор гыгшәыграла ианҭаирхаз амш.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь аан аҭыԥ змаз еиҳа иналукааша ахҭысқәа.
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха иоуит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ. Иара Краснодартәи ахәышәтәырҭахь дышьҭын.