Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Апрель
2020

Новости за 08.04.2020

Ашәԥҳа адәқьан аҟны иҟоу аԥкрақәа ртәы еиҭалҳәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәатәи афатәҭирҭа дәқьанқәа руак аҟны аус зуа Камила Ашәԥҳа еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы аиҳабыра ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны акрыҭира шымҩаԥырго.

Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аларгалеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аҵакыраҿы раԥхьаӡа акәны акоронавирус зыхьыз ауаҩы дҟалеит. Иара хәажәкыра 29 рзы Москвантәи аҳәаа дахысны дааит. Иахьазы ачымазаҩ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭоуп.

Аҽыԥхьакра – уалԥшьоуп: Валери Бганба аԥсныжәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирустә инфекциа раԥхьаӡа акәны ишьақәыргылан мшаԥы 7 рзы. Иҟоу ашәарҭара инамаданы ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба аԥсныжәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аԥсны АШәМ аҟны аурыс-аԥсуа ҳәаа анадыркы ашьҭахь иахысыз зусҭцәоу рҳәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵала Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп мшаԥы 8 инаркны 20 рҟынӡа. Аҳәаа анадыркы ашьҭахь 22-ҩык ҳтәылауаа рыҩныҟа ихынҳәит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.



Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа адырыҩцәеи аԥшцәеи рдоуҳа егьырҭ ишрымардо атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭҵааҩцәеи, адырыҩцәеи, аԥшцәеи ҳажәлар рҟны ҭыԥс иааныркылоз, иахьа урҭ ирыдҵаалома, насгьы иарбан хәшәқәоу иҟарҵо, уи азы хадара зуа арбану уҳәа ртәы арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны дазааҭгылоит афольклорҭҵааҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Алҭеиба акоронавирус азы: ирлас инҵәо ак акәым

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, апоет, ашәаԥҵаҩ Анатоли Алҭеиба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус иахҟьаны ҳтәылаҿы иаԥҵоу аԥкрақәа иусура ишаныԥшыз атәы.

Х-нызқьҩык инарзынаԥшуа ацхыраара иаҳәеит Аԥсны асоцмаҵзурақәа рҿы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Акоронавирус алаҵәаразы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы Аԥсны хәажәкыра 28 раахыс иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда, уи инақәыршәаны аусура иаҟәыҵит аџьармыкьақәа, акрыфарҭақәа, ауаажәларратә транспорт. Аӡәырҩы абарҭ аԥкрақәа рымшала афинанстә уадаҩрақәа ирықәшәеит.

Агәыҭҟьара аҭыԥ амам: акоронавирус злоу иаарԥшра ашьҭахь Гагра аҵх шымҩаԥысыз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьа акоронавирус здырбалаз Москвантәи иааз ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.

Бганба акоронавирус аҿагыларазы амчқәа зегь реизыркәкәара аҭахуп иҳәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз раԥхьатәи ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *