Мы в Telegram
Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Апрель
2020

Новости за 27.04.2020

Ҵәыџьба Гал адгьыл ақәаарыхразы: ихьшәаны ҳалагеит, аха ҵыԥх аасҭа ҳцәаӷәахьеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит ааԥынтәи адгьылқәаарыхратә усурақәа рцашьа.

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Аибашьра Ду аҟны хьыӡла иҭахаз иаб иашьа ихабар ааигәа ишеилкаахаз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аҟны аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Ҷлоу ақыҭа иалҵыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Алықьса Михаил-иԥа Сангәлиа иҭоурых еиҭеиҳәеит Руслан Сангәлиа.

Агәабзиарахьчара аминистрра аԥкрақәа лаҵара 15 рҟынӡа ирнахатәуп рҳәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирус аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалан хәажәкыра 25 раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны хҩык акоронавирус зыхьыз аарԥшын, урҭ рахьтә аӡәы ахәышәтәырҭа дҭыҵхьеит, 1925 шықәсазы ииз ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.

Гадлиа Аҟәатәи афымцатә зауад аусуразы: "Сухумприбор" аҿы ауникалтә цех ҳаман

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

60 шықәса раԥхьа аусура иалагеит Аҟәатәи афымцатә азауад. Уи акционертә еилазаара аиҳабы Марлен Гадлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит асовет аамҭазы азауад аус шауаз, иара убас иахьатәи аамҭазы уаҟа иҭрыжьуа аалыҵқәа ртәы далацәажәеит.

Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргаразы Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы.

Кәарҷиа Аибӷа иалсуа аҳәаазы: аҩ-ҳәынҭқаррак реиқәшаҳаҭрала ишьақәырӷәӷәатәуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа еиҩнашо Аибӷа ақыҭа ахәҭақәа аҩ-аҳәынҭқаррак рыдгьылҵакырақәа ишрыҵаркуа, насгьы уи азҵаара аганахьала иахьатәи аамҭазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара, аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа ҭоуба шьҭеиҵеит, Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵоуп Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа деиҳабхеит Алхас Кәыҵниа, акоронавирус инадҳәаланы атәылаҿ иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхуп. Абарҭ зегьы Sputnik аматериал аҿы.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *