Аԥсны даҽа 79-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4505-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2440-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 47-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4505-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2440-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 47-ҩык.
Ҳаамҭазы апедагогика иацу актуалтә проблемақәа ирызкыз анаука-практикатә онлиан конференциа алҵшәақәа ртәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра азеиԥши азанааҭтә ҵареи рыҟәша аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо Асҭанда Ҷолокуаԥҳа.
Апитомник аԥҵоуп ООН ақыҭанхамҩеи афатәааглыхреи реиҿкаара ацхыраарала Аԥсны ашыц аиҭашьақәыргыларазы.
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәет араион аҿы аӡы аиуразы иҟоу ауадаҩрақәа мзыс ирымоу атәы.
Амаҵзура ҿыц инақәыршәаны иуҭаху ахырхарҭала иҭацәу аҭыԥ ыҟамзар, ари асистема апассаџьыр иҵанаҳәоит урҭ аныҟало.
Аацы ақыҭа амҩа хада акапиталтә ремонт мҩаԥысуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестициатә программа инақәыршәаны.
Гал ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа "ИнгурГЭС" атехника ҷыда адыԥхьаланы жьҭаара 6 рзы имҩаԥнагеит 2,5 километра рҟынӡа аӡыршьҭрақәа ррыцқьара.
Америка инхо ҳџьынџьуаҩ Лариса Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уаҟа имҩаԥысыз алхрақәа рцашьа атәы.
Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс. 1612 шықәса рзы Кузьма Минини Дмитри Пожарски рхадарала Москва аполиак интервентцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иагәаларшәаганы.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра адыррала 2020 шықәса абҵарамзанӡа ареспублика тоннак рҟынӡа араса атәыла иалнагеит. Ари 85% рыла 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп.
Нанҳәа 1, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иаҭааит 600 000-ҩык атуристцәа ҳәа адырра ҟанаҵоит Атуризм аминистрра.
Амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Драндатәи абахҭаҟны жьҭаара 26 рзы аҭааҩ лыԥсҭазаара дахьалҵыз азы.
Аԥсуаа амаҭ ишазыҟоу, уи ашьра азин змам, насгьы ахьӡ аартны изырымҳәо атәы арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Екатеринбургнтәи иааз амедусзуҩцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иаанхоит абҵара 23 рҟынӡа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан диԥылеит Адыгеиа уаанӡатәи ахада, анаплакҩы, амеценат Хазрет Совмен.