Ари амш Амра аныҳәа иазкуп уҳәар ауеит. Жәытәла уи гәырӷьарала, еиуеиҧшым ахәмаррақәа мҩаҧго ишаҧылоз, амра акульт ажәларқәа жәпакы рҟны аҵак ду шамоу уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.