Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Март
2019

Новости за 31.03.2019

Возба "Иаирума" Москва ақәгыларазы: актәи аҭыԥқәа ахьаанаҳкылаз сеигәырӷьоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит напхгара зиҭо ахәыҷтәы акәашаратә студиа "Иаирума" алахәцәа Урыстәыла аҳҭнықалакь аҟны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабраҟны актәи аҭыԥқәа шааныркылаз.

Алавердиан: аполитика иахҟьаны "Каданс" аицлабраҟны аиашамра иақәшәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль-еицлабра "Иаарту Европа – иаарту апланета" иалауреатхеит уи иалахәыз Аҟәатәи ахәыҷтәы музыкатә ансамбль "Каданс". Аицлабра мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 27-31 рзы.

Лашәриаԥҳа: ииашаӡам ани аби, ахәыҷы абаҩрҵәырахь умнеин ҳәа аниарҳәо

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ абаҩрҵәыра арҵаҩы Марина Лашәриаԥҳа арадио Sputnik аҟны иазгәалҭеит аҭаалым ахәыҷқәа шеиднакыло, рхәыцра, ргәабзиара ишазеиӷьу.

Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

"Аҽы ҧсыр – адәы аҭынхоит, ауаҩы дыҧсыр – иажәа", - абас еиԥш хыԥхьаӡара рацәала аҽқәа ирызку ажәаԥҟа хьыршәыгәқәа рыла ибеиоуп аԥсуаа ражәаҳәа. Ҳажәлар рыҟны аҽқәа рааӡашьеи урҭ ҳаԥсҭазаашьаҟны ҵакыс наџьнатә аахыс ирымоуи уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Ԥлиаԥҳа: Евразиа жәлар рлакәқәа еидызкыло ашәҟәы аԥсуа лакә анылеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа лакә Евразиа жәлар рлакәқәа еидызкыло ашәҟәы ишанылаз. Евразиа жәлар рлакәқәа апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыҵыз ашәҟәаҟны раԥхьатәи адаҟьаҟны иануп аԥсуа лакә.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *