Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Март
2019

Новости за 02.03.2019

Џьениа: ақыҭауаа акредит рзоужьраҟны ақыҭаҭә хеилакқәа хәдықәҵара ҟарҵар ауан

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа қыҭақәа рҿы ацәгьоурақәа  рыҿиара амзыз хадақәа иреиуоуп аусурҭатә ҭыԥқәа рыҟамзаара, ақыҭауаа анаплак маҷқәа аадыртыртә  аҭагылазаашьақәа ахьрымам ҳәа азгәеиҭеит адырраҭара «Коӷониаԥҳа лымҩаду» аҟны Аҷандара ақыҭа ԥасатәи ахада Витали Џьениа.

Сангәлиа ақыҭаҟны ацәгьоурақәа ирызкны: иахьатәи асистема ишахәҭоу аус ауӡом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Изыҿиазеи акриминал аԥсуа қыҭақәа рҿы, авба зҭатәыда уи азы? Аҭаацәа ахшара рааӡара хырҩа азыруама, аҳәынҭқарра амч кәадахама? Абарҭ азҵаарақәа рзы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа.

Рнапқәа хьуп: Ҭырқәтәыла инхо Ҭохәсуаа рҭаацәа аҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иаԥну аԥсуа қыҭа Калдахәара (Балбалы) инхо Ҭохәсуаа рҭаацәара рыӡбахә ззымдыруа дыҟам. Аиаҳәшьцәа Едеи Ҳаџьари аҭаца лҩычага аиқәыршәараҿы рыкәша-мыкәша ирыцназго дыҟам, рашьа Олгун иакәзар, ацәгьеи абзиеи раан ачысҟаҵаҩыс даарыԥхьоит.

Гогәуа афонд "Аԥсны" аусуразы: ҳауаажәлар адгылара рыҭара ҳуалуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит афонд абиуџьет шаҟа артәо, уи аус ацызуо аилахәрақәа шаҟа аларгало, иара убас уи ҳауаажәлар рзы ҵакыс иамоу ртәы.

Емель Хагәышьԥҳа: Аԥснытәи Калдахәара сатәуп сара

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Емель Фаҳреҭҭин-иԥҳа Хагәышьԥҳа даныхәыҷыз аахижьҭеи Аԥсны аӡбахә лаҳауан, аха макьана лџьынџьдгьыл ахь дзымаацт. Сынтәатәи аԥхынра Емель ҿҳәарас иазԥылҵәеит Аԥсны аҭаара, лдацқәа ахьынтәаауа Калдахәара ақыҭа абара.

Давид Симониа: аҟаза аԥсҭазаара бзиа ибозароуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

"Ҳаамҭазтәи аилазаара мыцхәы шәыга рацәала "иҷашәшәуп", еиҳаракгьы аҭыԥҳацәа ртәы ҳҳәозар. Ҳара хықәкыла иааҳарԥшырц иаҳҭаху ашәыгақәа рыԥшӡара акәӡам, иԥсабаратәу аԥшӡара ауп" ҳәа игәы иаанагоит ААУ аҟазара аҟәша 4-тәи акурс астудент Давид Симониа.

Урысшәала иҩуаз аԥсуа шәҟәыҩҩы: Искандер изкыз астолгежь мҩаԥган

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Фазиль Искандер изкыз жәларбжьаратәи астолгежь мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Иахьа иԥсы ҭазҭгьы, хәажәкыра 6 рыҽны Фазиль Абдул-иԥа 90 шықәса ихыҵраны дыҟан. Иара иԥсҭазаареи ихаҭареи ирызкыз аиԥылараҿы ирылацәажәеит азеиԥшуаажәларратә ҷыдарақәа амилаҭтә хаҿала ишааирԥшуаз уҳәа ашәҟәыҩҩы ирҿиара аҷыдарақәа.

Џьыкырԥҳа: аԥхьарца абжьы ахаареи аԥшӡареи сгәы иақәшәоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адизаини аграфикеи рҟазаратә ҟәша астудентка Радима Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рахьынтә иаҳа лгәы зызцо, уи ахьӡ аҵакы, ажәытәан еиҳарак ианадырҳәоз уҳәа ртәы.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *