Добавить новость
smi24.net
World News in Abkhazian
Март
2019

Новости за 24.03.2019

Занҭариа Аҟәа Арӡынба ибаҟа аргыларазы: ахшыҩеилаҵара аҭахуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа алахәыла, Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Аҟәа аргыларазы жәларбжьаратәи аицлабра шрылаҳәахо.

Гоԥиа Аԥсны арԥҳачымазара аҭагылазаашьазы: иацәыԥхашьо рацәаҩуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәажәкыра 24 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит арԥҳачымазара аҿагылара амш. Иҟоума ҳтәылаҿы ари ачымазара ахәшәтәразы алшара, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ареспубликатә арԥҳачымазаратә хәышәтәырҭа аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.

Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Заџьал ааигәоу ауаҩы иара ишизымдыруагьы, ихымҩаԥгашьа, иҟазшьа аҽаԥсахуеит ҳәа ирԥхьаӡоит аԥсуаа. Абжьааԥны ирбахьаз иакәӡамкәа, зҽызыԥсахыз изы "иаџьал ааима?!", "иаџьал иҟәаҟәа иқәтәоума?!", "Акы шиԥеиԥшу идыруашәа!" рҳәон. Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа дазааҭгылоит аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы аџьал ишазыҟоу.

Ажьиԥҳа: Галаа рхатәы бызшәа рҵарц ҳҭахызар - ҷыдала ашәҟәқәа рзеиқәыршәатәуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гал араион аҿы аԥсшәа дырҵара апроцесс шымҩаԥысуеи, уи азҵаатәы иадҳәалоу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагра лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра №2 аиҳабы, аметодист Альдона Ажьиԥҳа.





СМИ24.net — правдивые новости, непрерывно 24/7 на русском языке с ежеминутным обновлением *